Қарҭ амҩатә машәыр аҿы хҩык ҭахеит
Қарҭ амҩатә машәыр аҿы хҩык ҭахеит

Қарҭ, Вазисубани иҟалаз амҩатә машәыр аҿы хҩык ҭахеит. Амашәыр уахынла ҟалеит.  Иҟоу адыррақәа рыла, амашьына лас аҭәҳәаа иҭаҳаит, ахҩык аҭыԥаҿ рыԥсҭазаара иалҵит.

Аԥхасҭа роуит ҩыџьа, урҭ ахәышәтәырҭахь инагоуп.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа  рминистрра аинформациа ала, аусԥшаара хацыркуп 276-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны – атранспорт аексплуатациа аҵасқәа реилагара.