Қарҭ Алило аныҟәара  (афото)
Қарҭ Алило аныҟәара  (афото)

 

Иахьа ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама Қьырса аныҳәа ду азгәанаҭоит.  Ажьырныҳәа  7 рзы Қьырсатә Алило мҩаҧыргоит.

Қарҭ Алило аныҟәара иалагеит Актәи ареспублика ашҭа аҟынтәи, анеҩс, «Алило» алахәылацәа апарламенти Қарҭтәи Сакребулои рахь идәықәлеит. Уаҟа аҳамҭақәа еизыргеит. Аџьартә ныҟәара хыркәшан Самеба аныхабааҿы, уаҟа аҭабуратә Қьырсатәи аныҳәара мҩаҧган.

Алило аныҟәараан еизыргаз аҳамҭақәа зегьы ахәыҷтәы ҩнқәеи, апенитенциартә усбарҭақәеи, зықәрахь инеихьоу ауаа рыҩнқәеи ирырҭоит.

Қьырсатәи аџьартә ныҟәара мҩаҧысуеит  2000 шықәса инаркны, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх  Илиа иныҳәарала.