Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы аофициалтә трансферттә такси ҳасабала аусура иалагоит аекологиатә ганахьала ицқьоу афымцатә машьынақәа   Tesla-и Changan-и
Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы аофициалтә трансферттә такси ҳасабала аусура иалагоит аекологиатә ганахьала ицқьоу афымцатә машьынақәа   Tesla-и Changan-и

Лаҵара 2 инаркны, Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза апассаџьырцәа амаҵзура ҿыц рыдаргалоит.  Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгылеи аилахәыра  «Aircar»-и қәҿиарла русеицура абзоурала, жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы апассаџьырцәа рымаҵ ауеит аекологиатә ганахьала ицқьоу атранспорт  «Tesla»-и «Changan»-и.

Апассаџьырцәа, автобусқәа инрываргыланы, атакси аофициалтә маҵзурагьы рхы иархәаны, Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Қарҭи Баҭыми, егьырҭ ақалақьқәеи рышҟа ицар рылшоит.

Афымцатә машьынақәа реиҵаҵара ҟалоит Қәҭешьтәи аҳаиарбаҕәазаҿы ишьақәыргылоу аколонкақәа рҿы.