Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазантә Барселонеи Венеи рахь ишиашоу ареисқәа рынагӡара еиҭалагоит
Жьҭаара 31 инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Барселона ахырхарҭала мчыбжьык ахь знык ишиашоу еиԥырҟьам авиареис нагӡахоит, абҵара 2 инаркны WizzAir Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Вена ахырхарҭала мчыбжьык ахь ҩынтә рахь ишиашоу ареисқәа рынагӡара еиҭалагоит, – ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реилазаара аҟынтә.
Иҟоу адырраҩқәа рыла, Испаниа Қырҭтәылантә иарбанзаалак акоронавирус азы алаҵа ззыҟарҵахьоу атуристцәа рыднакылоит, апассаџьырцәа алаҵа шырзыҟарҵаз аршаҳаҭга – ковид-сертификат рымазароуп. Ипаниахь идәықәлаанӡа апассаџырцәа арегистрациатә форма хадырҭәаароуп асаит www.spth.gob.es/create ҷыда аҿыю Асаит аҟынтә ироуа QR акод аҳәааҿ иддырбароуп.
Австриа идәықәло апассаџьырцәа еиқәыԥхьаӡоу адокументқәа аадырԥшыроуп:
1.Аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз PCR атест иҵоурам аҭак зыршаҳаҭуа адокумент
2. Авирус зхызгаз атәылауаа ари афакт аазырԥшуа аҳақьым инапы аҵаиҩыз адокумент ма BioNTech-Pfizer, Moderna, AstraZeneca, Johnon and Johnson, BIBP-CorV–Sinopharm,Sinovac авакцинациа акурс наӡа ахысра зыршаҳаҭуа адокумент
Иара убас хадырҭәаароуп онлаин арегистрациа аформа https://entry.ptc.gv.at/en.