Иахьа инаркны Қәҭешьи Лиони рыбжьара ишиашоу авиареисқәа нагӡахоит. Иахьа Wizz Air ала раԥхьаӡа акәны Қәҭешьтәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәи Лионтәи, Сент-Екзупери ихьӡ зху аҳаирбаӷәазахь 130-ҩык апассаџьырцәа дәықәлеит.
Аҳаирбаӷәазақәа реиҿкаара аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Қәҭешьи Лиони рыбжьара ишиашоу авиареисқәа мчыбжьык ахь ҩынтә – аҩашеи асабшеи рзы мҩа́ԥгахоит.