Қәҭешь иҟоу Аҧснытәи ахҵәацәа амалаҳа амедицинатә гәаҭарақәа рзымҩаҧгоуп
Қәҭешь иҟоу Аҧснытәи ахҵәацәа амалаҳа амедицинатә гәаҭарақәа рзымҩаҧгоуп

 

Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рыдгыларала,  Аҧснытәи агәабзиарахьчареи асоциалтә ахьчареи рзы аминистрра аиҿкаарала,    Қәҭешь еилаҵәаны инхо ахҵәацәа амалаҳа амедицинатә гәаҭарақәа рзымҩаҧган.

Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рпрессмаҵзура адыррақәа рыла,  амедицинатә акциаҿ иҟан Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Гьаргь Џьинҷараӡеи асоциалтә ахьчара аминистр Бесик Кусидии.

Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы ари акциа иалахәыз ахҵәацәеи амедицинатә персонали драцәажәеит.

Амедицинатә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  иреиҕьу қарҭтәи аклиникақәа рҳақьымцәа ахҵәацәа еиуеиҧшым агәаҭарақәа рзымҩаҧыргеит. Иара убас,  ахҵәацәа,  амалаҳа ахәшәқәа роуит.