„Политико“ – Евроеидгыла алахәылацәа ахадаратә 4 маҵзураҭыҧк рзы акандидатцәа рзы еиқәшаҳаҭхеит
„Политико“ – Евроеидгыла алахәылацәа ахадаратә 4 маҵзураҭыҧк рзы акандидатцәа рзы еиқәшаҳаҭхеит

Евроеидгыла алахәылацәа ахадаратә 4 маҵзураҭыҧк рзы акандидатцәа рзы еиқәшаҳаҭхеит. Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыжьымҭа „Политико“.

Аҭыжьымҭа ишану ала, Европатәи Ахеилак ахада иҭыҧ ааникылоит Португалиа ҧасатәи аҧыза-министр Антониу Кошта, адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнакс дҟалар ҟалап  Естониа аҧыза-министр Каиа Калас.  Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени Европарламент ахада Роберта Мецолеи рҭыҧқәа рҿы иаанхар ҟалап.

Евроеидгыла ахадаратә маҵзураҭыҧқәа рзы акандидатцәа ирыдҳәаланы апҟанҵа хадақәа рзы еиқәшаҳаҭхоит лаҵара  17 рзы, Евроеидгыла алидерцәа иформалым руаххьаҿы.  „Политико“ адыррала, аформалтә аиқәшаҳаҭра рыдыркылоит рашәара  27-28 рзы имҩаҧысуа асаммит аҿы.