Politico – Евроеидгыла алаларазы Украина иҟанаҵаз аҳәара хәҭа-хәҭаҷла аҭҵаара амзызла,  Еврокомиссиа алахәызааразы акандидат-тәылақәа ирызку ахәшьараҭаратә аҳасабырба ацәыргара рызхдырҧом
Politico – Евроеидгыла алаларазы Украина иҟанаҵаз аҳәара хәҭа-хәҭаҷла аҭҵаара амзызла,  Еврокомиссиа алахәызааразы акандидат-тәылақәа ирызку ахәшьараҭаратә аҳасабырба ацәыргара рызхдырҧом

Politico адыррала, Еврокомиссиа алахәызааразы акандидат-тәылақәа ирызку ахәшьараҭаратә аҳасабырба ацәыргара рызхдырҧом, аҳасабырба цәырыргароуп ашықәс анҵәамҭазы.

Европатәи адипломат идырра шьаҭас иҟаҵаны аҭыжьымҭа ишаанацҳаз ала, адокумент ацәыргара ахырҧара  «Евроеидгыла алаларазы Украина иҟанаҵаз аҳәара хәҭа-хәҭаҷла аҭҵаара  иадҳәалоуп».

«Ҳара Украина иҵоуроу адырра аҳҭар ҳҭахуп, аха, украинатәи аиҳабыра ражәалагалақәа ииашамзар ҟалап, иаҳҳәап,  акоррупциа аҿагылара амзызла Украина  Ашәарҭадара амаҵзура  азинчмқәа рырҭбаара», — иҳәеит европатәи адипломат.

Politico адыррала, Евроеидгыла, аибашьраан акоррупциа аҳәынҭқарратә чарҳәара аҳасабала иахәаҧштәуп ҳәа  Зеленски иҟаиҵаз ажәалагала ргәаҧхом. Евроеидгыла анапхгара ргәаанагара, убасҟан,  антикоррупциатә усбарҭа акәымкәа, ашәарҭадара амаҵзуроуп  акоррупциатә усқәа рыхәаҧшра знапы ианырҵо, ари амаҵзура атәыла ахада инапаҵаҟа иҟоуп.

Ишдыру ала,  ашықәс анҵәамҭаз Еврокомиссиа Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылақәа – Украинеи, Молдовеи, балкантәи атәылақәеи рыла ареформақәа рымҩаҧгара иазку аҳасабырба цәырнагароуп.

В мире