Польшеи Венгриеи Украинантә арыци егьы афатаалыҵи аекспорт ақәиҭымтәразы аӡбдара рыдыркылеит
Польшеи Венгриеи Украинантә арыци егьы афатаалыҵи аекспорт ақәиҭымтәразы аӡбдара рыдыркылеит

Польшеи Венгриеи Украинантә арыци егьы афатаалыҵи аекспорт ақәиҭымтәразы аӡбдара рыдыркылеит. Агентра   «Реитер» адыррала, Украина агәылара иҟоу 2 тәылак ари аӡбара рыдыркылеит аҭыҧантәи ақыҭанхамҩатә сектор ахьчаразы.

«Иахьа аиҳабыра аӡбара рыдыркылеит арыци егьы афатәаалыҵи Польшаҟа анагара ақәиҭымтәразы», — иҳәеит Польша анапхгаратә партиа алидер Иарослав Качински.

Иара ишазгәеиҭаз ала,  Польша Украина ҕәҕәала иадгыло  атәылақәа иреиуп.

Хара имгакәа, абри аҩызаҵәҟьа аӡбара  рыдыркылеит Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан дызхагыло аиҳабырагьы.

Евроеидгыла атәылақәа рҿы аасҭа иаҳа зыхә маҷу украинатәи арыц аиҳара, Урыстәыла аҽалагалара амшала, Аценртә Европа атәылақәа рахь ицоит, уи аҭыҧантәи ааглыхҩцәа рзы анырра ду амоуп.

Украина  Польша ирыдыркылаз аӡбара иаргәамҵуеит, атәыла анапхгара ишырҳәаз ала, ганкалатәи арадикалтә аӡбарақәа рыла еиуеиҧшым азҵаарақәа рыӡбара аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара иацхраауам.

«Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит польшатәи анаплакҩцәа апроблемақәа шырцәырҵыз, аха, уажәазы украинатәи анаплакҩцәа зегьы раасҭа рҭагылазаашьа цәгьоуп», — иануп Украина Ақыҭанхамҩа аминистрра аҳәамҭаҿы.