Польшеи Румынтәылеи аӡхыҵра ҟалеит
Польшеи Румынтәылеи аӡхыҵра ҟалеит

Ақәоурацәгьа иахылҵыз аӡхыҵра амшала Польша аӡәы дҭахеит.  Клоӡко араионаҿ  1 600ҩык иреиҳаны аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧ иалыргеит. Ари ақалақь аиҳара аӡы ахыҵәеит, уаҟа аӡиас ф- метрак ишьҭыҵит.

Румынтәыла аӡхыҵра амшала  5 нызқь аҩнқәа аҧхасҭа ду роуит,  15 нызқь аҩнқәа фымцада иаанхеит. Ари атәылаҿ аҧсабаратә рыцҳара иалаӡит ҧшьҩык ауааҧсыра.