Питер Стано  - Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит авиациатә сектор аҿы Урыстәыла иазышьақәыргылоу асанкциақәа ирықәныҟәарц
Питер Стано  - Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит авиациатә сектор аҿы Урыстәыла иазышьақәыргылоу асанкциақәа ирықәныҟәарц

Евроеидгыла, Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылас иҟалар зҭаху  Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит авиациатә сектор аҿы Урыстәыла иазышьақәыргылоу асанкциақәа ирықәныҟәарц, асанкциақәа рывсра аҽазкра цыҧхьаӡа иадҳәаланы агәҽанҵара аадырҧшырц, – ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Џьозеф Боррель ипресспикер Питер Стано.

Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла анапхгара атәыла  аҵакырадгьылахь узқәымгәыҕуа аҳаирпланқәа нармышьҭроуп.

Стано иажәақәа рыла, Қырҭтәыла агәҽанҵара аанарҧшыроуп асанкциақәа рывсра аганахьала иҟалар зылшо аҽазкра иадҳәаланы.

„Убри адагьы, ашәарҭадара иадҳәланы акрызҵазкәа апроблемақәа иҟоуп, ЕАР Атәылауаҩратә авиациа жәларбжьаратәи аиҿкаара  (ICAO) ари азҵаара иазкны Урыстәыла адырра анаҭахьеит, узқәымгәыҕуа аҳаирпланқәа Қырҭтәыла аҵакырадгьылахь инашьҭтәым.

Евроеидгыла ишьақәнаргылаз асанкциақәа рымшала, аҳаиртә флот  95% рхатә ҳаирпланқәа рырҿыцреи рмодернизациеи рылшом, уи жәларбжьаратәи атехникатәи ашәарҭадаратәи стандартқәа ирышьашәалам“, – иҳәеит Питер Стано.