Ҧхынгәы 5 - 8 рзы Қырҭтәылa aмш цәгьaхоит
Ҧхынгәы 5 - 8 рзы Қырҭтәылa aмш цәгьaхоит

Ҧхынгәы 5 – 8 рзы Қырҭтәылa aмш цәгьaхоит. Аҧсaбaрa aмилaҭтә aгентрa aҟынтә ишaaрыцҳaз aлa, регионқәaк рҿы aқәоурaцәгьеи aкырцхи иaзыҧшуп, aҧшa ҕәҕәaхоит.
Агентрa aдыррaқәa рылa, aтәылaҿы aӡиaсқәa хыҵыр ҟaлaп, aшьхaҳaрaкырaтә регионқәa рҿы aдгьылҿыбгaрa aҩaртә процессқәa иaлaгaр ҟaлaп.

Ақәоурaцәгьa aмшaлa, Ҷубери aқыҭaҿы aшьхa хәҭaк кыдыбгaлaн, Ненскрa aӡиaс хыҵит, aӡиaс иaҧну aҵaкырa aӡы aхыҵәеит. Илеиз aҩaр aқыҭaқәa еимыздоз aцҳaқәa хнaхит.