Пентагон аинформациала, Урыстәылантә Украина ахырхарҭала 1900 ракета рышьҭит
Пентагон аинформациала, Урыстәылантә Украина ахырхарҭала 1900 ракета рышьҭит

Пентагон аинформациала, Урыстәылантә Украина ахырхарҭала 1900 ракета рышьҭит.

ЕАШ арратә усҳәарҭа аҟны имҩаԥгаз абрифинг аҿы Пентагон ахаҭарнак ишааицҳаз, аҳауатә аахақәа риеҳара Мариуполи Донбаси рхырхарҭала мҩаԥган.

Пентагон адыррақәа рыла, аҳауатәи аракетатәи жәыларақәа Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟынтә мҩаԥгоуп.

„Аҳаирпланқәа урыстәылатәи авиабазақәа рҟынтә ԥыруеит, иара убас аракетатә шьақәыргыламҭақәагьы Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы иҟоуп”, – аарыцҳаит Пентагон аҟынтә.