Пекин имҩаҧгаз аиҧылараҿы  Мариам Қвривишвилии Китаи акоммерциа аминистри ҩ-тәылак рыбжьара аекономикатә усеицура арҭбаареи китаитәи аџьармыкьашҟа ақырҭуа аалыҵ аекспорт аизырҳареи иалацәажәеит 
Пекин имҩаҧгаз аиҧылараҿы  Мариам Қвривишвилии Китаи акоммерциа аминистри ҩ-тәылак рыбжьара аекономикатә усеицура арҭбаареи китаитәи аџьармыкьашҟа ақырҭуа аалыҵ аекспорт аизырҳареи иалацәажәеит 

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр  Мариам Қвривишвилии Китаи акоммерциа аминистр Ван Венитао диҧылеит. Аганқа рхаҭарнакцәа  ҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәеи урҭ рырҭбааразы иҟоу  алшарақәеи ирылацәажәеит.

Аминистрцәа Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аҧсахрақәа алагалара иазку апротокол рнапы аҵарҩит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәылеи Китаии рстратегиатә партниорра иҳаракӡоу аҩаӡараҟны ишыҟоу. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Китаи Қырҭтәылазы ахҧатәи ахәаахәҭратә партниоруп, аекспорт аҭаӡара аганахьала актәи аҭыҧ ааннакылоит.

Убри адагьы, аиҧылараҿы, китаитәи аџьармыкьаҿы ақырҭуа аалыҵ аҭаӡара аизырҳареи, Китаи аҟынтә иацҵаны аинвестициақәа рыдаҧхьалареи, китаитәи аинветсорцәа Қырҭтәылахь ирымоу азҿлымҳареи иалацәажәеит.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Азиеи Европеи рыбжьара аимадара арҕәҕәареи «Абжьаратә корридор» ала Китаии Европеи рыбжьара аидараеикәшара аизырҳаразы аусеицура арҭбаареи аҵакы.