Павел Герчински - Рикоҭтәи ацәаҳәеизак арҿиара аекономикеи аинвестициатә планқәеи рынагӡаразы ихырҳагоуп, ари иабзоураны Қырҭтәылеи Евроеидгылеи иаҳа иазааигәахоит
Рикоҭтәи ацәаҳәеизак арҿиара аекономикеи аинвестициатә планқәеи рынагӡаразы ихырҳагоуп, ари иабзоураны Қырҭтәылеи Евроеидгылеи иаҳа иазааигәахоит, – иҳәеит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински Рикоҭтәи аҩхааҿ ирццаку ацәаҳәеизак 27 км ахҵәаха аартра ацеремониаҿ данықәгылоз.
Герчински иажәақәа рыла, ацәаҳәеизак ирҭбаау трансевропатәи атранспорттә каҭа иаҵанкуеит.
“Иахьа ҳара ихадоу аетап – Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ртранспорттә аимадара абжьаҵара ашаҳаҭцәа ҳауп. Ари „Аглобалтә агәашә афоруми” Қарҭ имаԥгаз “Абырфынтә мҩа афоруми” рконтекст аҿы нагӡоит.
„Аглобалтә агәашә” – Европеидгыла астратегиоуп, уи хықәкыс иамоуп аҧхьаӡацтәи, аенергетикатәи, атранспорттәи аусхкқәеи, иара убас, агәабзиарахьчареи, аҵареи, адунеи зехьынџьара аҭҵааратә системақәа рырҕәҕәареи азы ишәарҭам аимадарақәа рырҭбаара. Атрансформациатә анырразы аинвестициақәа рхархәаразы хазхаҭалатәи асектор аидкылара амзызла, „Аглобалтә агәашә” иалахәып Евроеидгылеи, уи иалахәы атәылақәеи, иара убас, афинанстә институтқәеи аҿиара аинститутқәеи.
Арҭ аинвестициақәа рзы иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп Европа аинвестициатә банк. Ари амагистраль аҿиара ишиашоу алагалоуп аекономикатәи аинвестициатәи паланқәа рынагӡара аус аҿы, уи иабзураны Қырҭтәылеи Евроеидгылеи еизааигәахоит”, – иҳәеит Герчински.