Павел Герчински – Евроеидгылахь амҩаҿ акандидат статус аиуразы Қырҭтәыла ԥхьаҟа даҽа шьаҿа шыҟанацо агәра сгоит, аха ари 27 ҳәынҭйарра рлидерцәа рыӡбароуп
12 априоритет аус рыдулара нагӡоит, мчыбжьқәак раԥхьа Еврокомиссиаҿ ҿырҳәалатәи аҳасабырба ицәырган, 12 рекмоендациа рҟынтә, хԥа инагӡоуп, ҩрекомендациак рынагӡара ирццактәуп, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, аих ахақәиҭреи адеолигархизациеи рызҵаарақәа аицҵаны аус рыдулатәуп.
“Ари аих ахақәиҭреи адеолигархизациеи руоп. Иаанхаз бжьрекомендациак рхырхарҭала апрогресс иубарҭоуп, аха иҟаҵатәу рацәоуп. Ишыжәбо ала, аҭагылазаашьа ӷроуп, сперспективантә ари апозитивтә ҭагылазаашьоуп. Аамҭа иҵегьы иҟоуп, 27 алахәыла-тәыла ирыӡбо ҳазыԥшуп. Евроеидгылахь амҩаҿ акандидат статус аиуразы Қырҭтәыла ԥхьаҟа даҽа шьаҿа шыҟанацо агәра сгоит, аха ари 27 ҳәынҭйарра рлидерцәа рыӡбароуп“, – иҳәеит Герчински.