Павел Герчински - Абжьагарақәа рынагӡаразы Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз аплан Еврокомиссиашҟа идәықәҵоуп
«Абжьагарақәа рынагӡаразы Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз аплан Еврокомиссиашҟа идәықәҵоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Иара ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра ирласӡаны ари азҵаара иақәҿырҭит.
«Сара еснагь аргама исҳәоит сышоптимисту, сара ақырҭуа ақәҿиара салахәызар сҭахуп. Ишдыру ала, абҵара 8 рзы Еврокомиссиа акандидат астатус иадҳәаланы абжьагара бзиа ҟанаҵеит. Уажәшьҭа, ҧхынҷкәын 14 рзы, Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа аӡбара рыдыркылоит. Қырҭтәыла анапхгара ирласӡаны ари азҵаара иақәҿырҭит, сара уи даараӡа сгәы иаахәеит. Ишьақәсырҕәҕәар сылшоит Қырҭтәыла аиҳабыра еиқәдыршәаз аплан Еврокомиссиашҟа ишдәықәҵоу. Еврокомиссиа алахәылацәа ари аплан иахәаҧшны, ахәшьара арҭоит», — иҳәеит Павел Герчински.
Абҵара 27 рзы, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәараҿы, аконкреттә абжьагарақәа рынагӡаразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа рплан шьақәырҕәҕәан.