Параӡиудо  | Саба Багдаваӡе  —Қарҭ имҩаҧысуа Адунеи ахраҿазы ахәмаррақәа рҿы аиааира игеит  #1TVSPORT
Параӡиудо  | Саба Багдаваӡе  —Қарҭ имҩаҧысуа Адунеи ахраҿазы ахәмаррақәа рҿы аиааира игеит  #1TVSPORT

Қарҭ,  «Ҭбилиси-Аренаҿ» , параӡиудо азы Адунеи ахраҿа азы ахәмаррақәа иалагеит. Атурнир иалахәып 25 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә 250ҩык раҟара параспортсменцәа. Аицлабрақәа раҧхьатәи амш Қырҭтәыла аизга ақәҿиарақәа азаанагеит.  Саба Багдаваӡе  (J1, 81 кьыла) ари атурнираҿ ақырҭуа аизга аҩбатәи ахьтәы медаль азааигеит. Афиналаҿ Багдаваӡе аҭырқәа  ақәҧаҩ диааит.

Афиналаҿ аџьазтә медаль дазықәҧоит Бачуки Шелиа  (J2, 81 кьыла).

Парижтәи Паралимпиатә хәмаррақәа рышьҭахь, Қарҭ имҩаҧысуа Адунеи ахраҿа азы ахәмаррақәа – Паралимпиатә хәмаррақәа рзы раҧхьатәи алхратә турнируп.