Паата Манџьҕалаӡе - Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Урыстәыла аҿыҵгагьы шаҭахым
« «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ҧасатәи аиҳабыра аибашьра иалагеит ҳәа ирҳәо зегьы мцуп. Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Урыстәыла аҿыҵгагьы шаҭахым», — иҳәеит «Аҕмашенебели истратегиа» алахәыла Паата Манџьҕалаӡе.
Манџьҕалаӡе Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны иазҵааит.
Пааты Манџьҕалаӡе иҳәамҭала, «Урыстәыла аган аҟынтә ажәылара ашәарҭара еснагь иҟазаауеит, аха уажәы ари ашәарҭара иаҿагылоуп Мраҭашәареи, НАТОи, Евроеидгылеи».
«Урыстәыла аҿыҵга аҭахым. Урыстәылазы ашәарҭара хадоуп ақырҭуа жәлари ақырҭуа ҳәынҭқарреи. Убри аҟынтә, ақырҭуа ҳәынҭқарра иҟанаҵы, Урыстәыла аган аҟынтә ажәылара ашәарҭара еснагь иҟазаауеит, аха уажәы ари ашәарҭара иаҿагылоуп Мраҭашәареи, НАТОи, Евроеидгылеи, Естониагьы убасоуп ишыҟоу, ари атәыла аҳәаа аҳәынаҧгьы изахыҧом», — иҳәеит Паата Манџьҕалаӡе.