Олаф Шольц – Уажәааны Қырҭтәыла  LGBTQI ирҿагыло азакәан аднакылеит, ари азакәан ауаҩы ихадаратә зинқәа еиланагоит,  Европантә Қырҭтәыла иацәыхаранатәуеит
Олаф Шольц – Уажәааны Қырҭтәыла  LGBTQI ирҿагыло азакәан аднакылеит, ари азакәан ауаҩы ихадаратә зинқәа еиланагоит,  Европантә Қырҭтәыла иацәыхаранатәуеит

«Уажәааны Қырҭтәыла  LGBTQI ирҿагыло азакәан аднакылеит, ари азакәан ауаҩы ихадаратә зинқәа еиланагоит,  Европантә Қырҭтәыла иацәыхаранатәуеит», — иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц  цәыббра 27 рзы Берлин имҩаҧгаз Асоциал-демократиатә парламенттә гәыҧ аҩбатәи аконференциаҿы данықәгылоз.

Олаф Шольц иқәгылара атекст аланарҵәеит аканцлер ипрессмаҵзура.

Шольц иҳәамҭала, адунеи зехьынџьара ауаҩы изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа иаҳа-иаҳа еицәахоит.

Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчара иауалуп.

Шольц ишиҳәаз ала, аҳәаанырцәа авизитқәа раан иара еснагь ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа далацәажәоит, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи азинхьчаратә гәыҧқәеи дырҧылоит.

«Иаҳҳәап, Қырҭтәыла  LGBTQI ирҿагыло азакәан аднакылеит, ари азакәан ауаҩы ихадаратә зинқәа еиланагоит,  Европантә Қырҭтәыла иацәыхаранатәуеит», — иҳәеит  Шольц.