Олаф Шольц Иракли Ӷарибашвили рашәара 9 рзы диԥылоит
Олаф Шольц Иракли Ӷарибашвили рашәара 9 рзы диԥылоит

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили рашәара 9 рзы диԥылоит. Ари аанацҳаит аканцлер иофис.

Германтәыла аканцлер ипрессмаҵзура аинформациа ала, Иракли Ӷарибашвилии Олаф Шольци реиҿцәажәараҿ  тема хаданы иқәгылоит жәларбжьаратәии, ашәарҭадаратәии, европатәи аполитика азҵаарақәеи аекономикатә усеицура атемақәеи.

Ҩганкалатәи аиԥыларақәа рымҩаԥгара апланқәа ирылам.