Олаф Шольц – Иахьа аӡәгьы иӡыҳәом аибашьра ианхыркәшахо, аха, аибашьра хыркәшахоит, ҳара Украина еиҭашьақәҳаргылоит
Олаф Шольц – Иахьа аӡәгьы иӡыҳәом аибашьра ианхыркәшахо, аха, аибашьра хыркәшахоит, ҳара Украина еиҭашьақәҳаргылоит

«Иахьа аӡәгьы иӡыҳәом аибашьра ианхыркәшахо, аха, аибашьра хыркәшахоит, ҳара Украина еиҭашьақәҳаргылоит», — иҳәеит Германтәыла аканцлер  Олаф Шольц Украина аиҭашьақәыргылара иазку Аконференциаҿы.

Шольц иҳәамҭала, Украина ҧаса аасҭа иаҳа иҕәҕәахоит,  иаҳа ахы иақәиҭзаауеит.

«Иахьатәи аконференциа рхы аладрхәит арегионқәеи, амуниципалитетқәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи рхаҭанакцәа, Украинеи Германтәылеи рзы уи аҵакы ду амоуп.  Украина аиҭашьақәыргылара ҳаналацәажәо зхашҭра ҟамло даҽа гәыҧкгьы иҟоуп, урыстәылатәи атеррор иацәыбналаны ҳтәылаҿы ахыҵакырҭа зауз украинаа.    Иахьа аӡәгьы иӡыҳәом аибашьра ианхыркәшахо, аха, аибашьра хыркәшахоит, ҳара Украина еиҭашьақәҳаргылоит.  Украина ҧаса аасҭа иаҳа иҕәҕәахоит,  иаҳа ахы иақәиҭзаауеит.  Германтәыла бзиала шәаабеит. Ахьӡ-аҧша амазааит Украина», — иҳәеит  Олаф Шольц.