ОБСЕ - Иахьа Қырҭтәыла аусура иалагоит   "Москватәи амеханизм" аексперттә миссиа 
ОБСЕ - Иахьа Қырҭтәыла аусура иалагоит   "Москватәи амеханизм" аексперттә миссиа 

ОБСЕ  адыррақәа рыла, иахьа Қырҭтәыла аусура иалагоит   “Москватәи амеханизм” аексперттә миссиа.

«Иахьа инаркны,  “Москватәи амеханизм” аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аусура иалагоит ОБСЕ аексперттә миссиа. Жәабран  24-нӡа иашьашәалоу аинформациа адәықәҵара ҟалоит абри аҭыӡҭыҧахь: [email protected]», — иануп ОБСЕ адаҟьаҿ икьыҧхьу аинформациаҿы.

Ажьырныҳәа 29 рзы ОБСЕ иалоу 24  ҳәынҭқаррақәа,   Қырҭтәыла иадҳәаланы «Москватәи амеханизм» аус адырун, аексперттә миссиа аиҿкаара иаҳәеит.