Николоз Самхараӡе - Ҳкурс аконституциала шьақәырӷәӷәоуп, аартызаара иазку азакәанпроект ари акурсаԥырхагара алшом
Николоз Самхараӡе - Ҳкурс аконституциала шьақәырӷәӷәоуп, аартызаара иазку азакәанпроект ари акурсаԥырхагара алшом

Аурыс закәан ҳәа ахьӡ аҭара адискредитациа шьаҭас измоу политикатә метафороуп, уи хықәкыс амоуп ауааԥсыра рыбжьара аиҿагылара, аилаҩынтра алагра, избан акәзар Қырҭтәыла иргәамԥхо зегьы “аурыс” ҳәа ахьӡырҵоит, – ВВС аинтервиу аҿы иҳәеит апрламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе.

Самхараӡе ишазгәеиҭаз ала, анапхгара аоппонентцәа азакәанпроект “аурыс закәан” ҳәа ахьӡ арҭеит. Адепутат иажәақәа рыла,”Ақырҭуа гәахәтәы” аԥшьгарала, мраҭашәратәи акурс аконституциала шьақәырӷәӷәоуп, аартызаара иазку азакәанпроект ари акурсаԥырхагара алшом.