Николоз Самхараӡе - Урыстәыла агрессори ампыҵахалаҩ-тәылеи шакәу еилкаауп, ари афакт шьақәырҕәҕәоуп, аҳәынҭқарра Гаагатәи Страсбургтәи аӡбарҭақәа рҿы иамаз апозициаҿ иаанхоит
«Урыстәыла агрессори ампыҵахалаҩ-тәылеи шакәу еилкаауп, ари афакт шьақәырҕәҕәоуп», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Николоз Самхараӡе.
Самхараӡе иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра Гаагатәи Страсбургтәи аӡбарҭақәа рҿы иамаз апозициаҿ иаанхоит.
«Изхашҭыз иргәаласыршәар сҭахуп «Ақырҭуа гәахәтәы» шракәыз Гаагатәи Страсбургтәи аӡбарҭақәа рҿы Қырҭтәыла апозициа зыхьчоз. Ҳәарада, аҳәынҭқарра апозициа аҽамҧсахит, ишыҟаз еиҧш иаанхеит.
Аинаалара ҳалацәажәозар, ибзианы исгәалашәоит 12-13 шықәса раҧхьа ҳоппонентцәа аҭамзаара акампаниа шымҩаҧыргоз. Аҭамзаара акампаниа аҧсуааи ауаҧсааи рҟны аинаалареи аганқәа зегьы рыла агхақәа рызхаҵареи иазкын. Усҟан ҳоппонентцәа уи иақәшаҳаҭын, нас, уажәы изақәшаҳаҭыми? Ишәгәаласыршәар сҭахуп ҳара аинаалара аминистррагьы шҳамоу, ари аминистрра аиҿкаара иадҳәаланы аӡәы акритика ҟаиҵо смаҳацт. Аинаалара ҳаналацәажәо, ари апроцесс агхақәа рызхаҵарада изыҟалом. Ҳәарада, ақырҭуаа мацара ракәӡам агхақәа рызхаҵара зыхәҭоу, егьи агангьы, ауаҧсаагьы рыгхақәа иазхарҵароуп, аинаалара апроцессаҿ уи абжьааҧнытә усуп. Биӡина Иванишвишли иҟаиҵаз аҳәамҭа Цхинвал инхо ауааҧсааи ҳареи ҳаинаалара иазкын. Урыстәыла агрессори ампыҵахалаҩ-тәылеи шакәу еилкаауп, ари афакт шьақәырҕәҕәоуп. Аҳәынҭқарра Гаагатәи Страсбургтәи аӡбарҭақәа рҿы иамаз апозициаҿ иаанхоит. Ҳара аиаша ҳбароуп: ақырҭуааи ауаҧсааи 90-тәи ашықәсқәа индыркны аимак рыбжьоуп; иаҳа идуу даҽа аимакгьы иҟоуп – Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара. Уи аӡәгьы мап ацәикуам. Аха, наҟ-наҟ аҵакырадгьылқәа мацара ракәымкәа, урҭ ирықәынхо ауааҧсырагьы ҳархынҳәыр ҳҭахызар, аинааларазы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҳҵароуп, абри ауп зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа зызкыз», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.