Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе аофициалтә визитла Малаизиеи Сингапури рҿы дыҟан. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Самхараӡе аҭҵааратә центрқәа рҿы Аладатәи Кавказ ашәарҭадара иадҳәалоу ааԥҳьарақәа дрыхцәажәеит, – аарыцҳаит Апарламент аҟынтә.
Апарламент аинформациа ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Николоз Самхараӡе Сингапур жәларбжьаратә азыҟаҵарақәа рышколи Алада-мрагылраатә Азиа аинститути рнапхгаҩцәеи рыҭҵааҩцәеи дырԥылеит. Иара убас Малаизиатәи ауниверситет Европа-Азиа ринститут аҿы алекциа мҩаԥган.
„Николоз Самхараӡе Қырҭтәыла аполитикатә приоритетқәеи, европатәи евроатлантикатәи аструктурақәа рахь аинтеграциа азҵаарақәеи, атәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа цәгьеи азхамҵара аполитикеи дрыхцәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Амшын Еиқәа ашәарҭадараҿ Қырҭтәыла ароль ҷыда.
Иара убас аиԥыларақәа раан Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Урыстәыла агрессвтә ауранагаӡара дахцәажәеит”, – иануп аинформациа аҿы.