Николоз Самхараӡе  -  Ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳауп ҳәа ҳгәы иаанагоит, аминистрцәеи, апрокурорцәеи, аӡбаҩцәеи рықәыргылара ҳалшоит, ақырҭуа жәлар уи еиҧш агәырҵҟәыл рымоуп 
Николоз Самхараӡе  -  Ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳауп ҳәа ҳгәы иаанагоит, аминистрцәеи, апрокурорцәеи, аӡбаҩцәеи рықәыргылара ҳалшоит, ақырҭуа жәлар уи еиҧш агәырҵҟәыл рымоуп 

Аӡабарҭақәа рҿы агәаҭаратә система аларҵәара Қырҭтәыла Аконституциа иашьашәалам, иара убас, ақырҭуа аиашаӡбараҿы уи еиҧш аҭагылазаашьа иҟам, атәым експертцәа рыла ауаҩи уи иламыси ахәшьара рыҭара иазҧхьагәазҭаша, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәыла Николоз Самхараӡе.

Самхараӡе иҳәамҭала, аиҿцәажәарала ауаҩы иламысра ахәшьара аҭара шыҟало изеилкаауам.

„Аконституциа аилагара ҳаламцәажәозаргьы, Қырҭтәыла аконтекст ззымдыруа атәымуаҩ ауаҩы иламысра ахәшьара аҭара шилшо еилкаам.  Насгьы, абри зегьы – аҳәынҭқаррара аҟамзаара ишиашо азхаҵароуп, уара ухала азҵаарақәа рыӡбара улшом, аҳәаанырцәынтә абжьагаҩцәаа иааны,  аӡбаҩцәеи апрокурорцәеи иқәдыргылар уҭахуп. Ҳәарада, уи аҿы ҳоппозициаа ҳрықәшаҳаҭым.   Ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳауп ҳәа ҳгәы иаанагоит, аминистрцәеи, апрокурорцәеи, аӡбаҩцәеи рықәыргылара ҳалшоит, ақырҭуа жәлар уи еиҧш агәырҵҟәыл рымоуп“, – иҳәеит Самхараӡе.