Николоз Басилашвили Миунхен имҩаҧысуаз атурнир аҿы аиааира игеит (авидео)

Ақырҭуа теннисист  Николоз Басилашвили  икариераҿы ахәбатәи атитул иоуит. Миунхен имҩаҧысуаз атурнир афинал аҿы иара анемец Иан-Леонард  Штруфф даҵаирхеит.

Миунхен иоуз ақәҿиара абзоурала, Басилашвили 4 позициак рыла иреитинг шьҭихын, 31-тәи номерс дҟалеит. Уажәшьҭа иара Ролан Гаррос аҿы ақәгылара дашьҭоуп.