Никол Ҧашиниан  - Сара уаҳа ахаангьы Беларус снеираны сыҟам
Никол Ҧашиниан  - Сара уаҳа ахаангьы Беларус снеираны сыҟам

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан ишиҳәаз ала, иара уаҳа ахаангьы Беларус днеираны дыҟам.

Шәамахьтәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла,  Шәамахьтәылеи Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭра аиҿкаареи  реизыҟазаашьақәа данрылацәажәоз,  Ҧашиниан Беларус ахада иҳәамҭа игәалаиршәеит.

«Зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаара иалоу тәылак анапхгаҩы аргама иҳәеит иара аибашьра аиҿкаара дшалахәыз,  Азербаиџьан аиааира агар шиҭахыз,  Убри ашьҭахь сара Беларус ахада сидтәаланы,  акыр салацәажәома?

Уажәшьҭарнахыс сара ахаангьы Беларус снеираны сыҟам. Лукашенко ари атәыла дахагыланаҵы. Иара убас,  аргама исҳәар сҭахуп Шәамахьтәыла аофициалтә хаҭарнакгьы Беларусҟа дшымцо», — иҳәеит Ҧашиниан.