Никол Ҧашиниан  игәаанагарала, Евроеидгыла алалара азҵааразы ареферендум амҩаҧгара алацәажәара заацәоуп
Никол Ҧашиниан игәаанагарала, Евроеидгыла алалара азҵааразы ареферендум амҩаҧгара алацәажәара заацәоуп

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашинян игәаанагарала, Евроеидгыла алалара азҵааразы ареферендум амҩаҧгара алацәажәара заацәоуп.

«Сара схаҭа Европарламентаҿ санықәгылоз, исҳәеит Шәамахьтәыла Евроеидгыла азааигәахара ишазыхиоу. Шәамахьтәыла ауааҧсыра ари аидеиа ишақәшаҳаҭым здыруазҭгьы, уи сҳәомызт. Уажәы ҳасабтәс иҳамои? Ауаа ргәаанагара аилкааразы ареферендум амҩаҧгара? Саҭамзааит, аха, сара, ашәамахь жәлар рхаҭарнак, Шәамахьтәыла уааҧсыра ргәаанагара здыруеит», — иҳәеит Ҧашиниан.

Шәамахьтәыла аҧыза-министр иҳәамҭала, ареферендум мҩаҧыргозар, агитациатә кампаниагьы мҩаҧгатәуп.