Никол Ҧашиниан  - Ҳара арегионалтәи жәларбжьаратәи аҭышәынтәылареи аҭынчреи аиқәыршәара иазку Қырҭтәыла аҽазышәарақәа иҳаракны рыхә ҳшьоит
Никол Ҧашиниан  - Ҳара арегионалтәи жәларбжьаратәи аҭышәынтәылареи аҭынчреи аиқәыршәара иазку Қырҭтәыла аҽазышәарақәа иҳаракны рыхә ҳшьоит

«Ҳара аусхкқәа зегьы рҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи русеицура арҭбаара ҳалшеит. Сынтәа ажьырныҳәаз ҳтәылақәа русеицура иаҳа иҳараку  астратегиатә партниорра аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит», — иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Ҧашиниан иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи дара-дара рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи иазхарҵеит. Иара ишазгәеиҭаз ала, уи Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәылареи акыраамҭалатәи аҭынчреи еиқәзыршәо афакторқәа иреиуп.

Иара убас, Ҧашиниан ишиҳәаз ала, Иракли Кобахиӡеи иареи реиҧылараҿы арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

«Сара гәыкала агәра згоит Аахыҵ Кавказаҿ аимакқәа рҵыхәҧҵәареи ҳрегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылареи азы  аҭоурыхтә алшара шҳамоу. Иара убас, агәра ганы сыҟоуп ари апроцессаҿ Шәамахьтәылеи Азербаиџьани инарывагыланы, Қырҭтәылагьы, Ҭырқәтәылагьы, Ирангьы  ароль ду шынарыгӡо. Убри аҟынтә, ауадаҩрақәа шырацәоугьы, ҳаиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳрегионаҿ аҭынчра шьақәгыларц азыҳәан.   Ҳара арегионалтәи жәларбжьаратәи аҭышәынтәылареи аҭынчреи аиқәыршәара иазку Қырҭтәыла аҽазышәарақәа иҳаракны рыхә ҳшьоит», — иҳәеит Никол Ҧашиниан.

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан иахьа Қырҭтәыла даҭааит.