Никол Ԥашиниан ишааицҳаз, Аахыҵ Кавказ аҟны аҭагылазаашьа иазкны Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи хганкалатәи аиԥылара амҩаԥгара дадгылоит
Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Аахыҵ Кавказ аҟны аҭагылазаашьа ахцәажәареи аиӷаратә риторика аҟәыҵреи рзы Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи хганкалатәи аиԥылара амҩаԥгара дадгылоит.
Ари атәы Никол Ԥашиниан Ереван имҩаԥысуа “Агеноцид ацәгьоура аҿагыларатә” аглобалтә форум аҿы ақәгылараан иазгәеиҭеит.
„Аахыҵ Кавказ аҟны аҭагылазаашьа ахцәажәареи аиӷаратә риторика аҟәыҵреи рзы Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи хганкалатәи аиԥылара амҩаԥгара аидеиа садгылоит“, – иҳәеит Пашиниан.
Шәамахьтәыла аԥыза-министр иажәақәа рыла, арегион атәылақәа зегьы – Ҭырқәтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани ашәарҭадареи, асуверенитети ахьыԥшымреи рыхьчаразы реизыҟазаашьақәа аҵак ҷыда амоуп ҳәа Ҭырқәтәыла иҟаҵаз аҳәамҭақәа дрықәшаҳаҭуп.