NDI – Изызҵааз рҟынтә 19% шырҳәаз ала, "Ақырҭуа гәахәтәы" ахәаҧшырақәа иаҳа ирзааигәоуп, "Амилаҭтә ҵысра" иадгылоит 4%
Қырҭтәыла шәинтересқәа ирықәныҟәо апартиа иҟоума ҳәа ауаа ианразҵаа, абарҭ аҭакқәа роуит: ааи — 31%; мап – 61%; исыздырӡом — 6%; аҭакҟаҵара рҭахымхеит — 3%.
Иарбан партиоу зегьы реиҳа ишәзааигәоу ҳәа иқәыргылаз азҵааразы абас аҭак ҟаҵан — 47% ишырҳәаз ала, уи аҩыза апартиа иҟам, изызҵааз рҟынтә 19% шырҳәаз ала, “Ақырҭуа гәахәтәы” ахәаҧшырақәа иаҳа ирзааигәоуп, аҭакҟаҵара рҭахымхеит — 13%, ирыздырӡом — 6%. “Амилаҭтә ҵысра” – 4%, егьырҭ апартиақәа – 12% «Ақырҭуа гәахәтәы» еиҕьаршьоит;
NDI аинформациа ала, аҭҵaaрa мҩaҧгaн 2023 шықәса жьҭаара 14 инаркны абҵара 4 нӡа Қырҭтәылa иахьаҵанакуа (импыҵaхaлоу aҵaкырaдгьылқәa рыдa aтәылaҽaцәқәa зегьы рҟны, aҭҵaaрa рхы aлaдырхәит 2,068-ҩык. NDI aҭҵaaрaқәa Бритaниa ду aиҳaбырa UKaid aфинaнстә цхырaaрa aлa имҩaҧысуеит. Аҭҵaaрa мҩaҧнaгит СRRС Қырҭтәылa.