NDI аҳасабырба - Қырҭтәыла атәылауаа Евроеидгыла алалара еиҭах иадгылоит
«Амилаҭтә демократиатә институти» (NDI) «CRRC[1]-Қырҭтәылеи» иахьа ицәырыргаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара европатәии ероатлантикатәи хырхарҭа иадгылоит.
NDI аинформациа ала, аҭҵаара абҵара 8 рзы ицәыргаз Еврокомиссиа аҳасабырба ацәыргаранӡа мҩаԥган, Қырҭтәыла ауааҧсыра 79% европатәии ероатлантикатәи хырхарҭа иадгылоит.
„Аҵыхәтәантәи ашықәс азы Евроеидгыла аполитикатәии аекономикатәи партниорс иԥхьаӡо Қырҭтәыла атәылауаа рхыԥхьаӡара иазҳаит”, – иануп аларҵәара зауз аҳәамҭа аҿы.
Аҭҵaaрa мҩaҧгaн 2023 шықәса жьҭаара 14 инаркны абҵара 4 нӡа Қырҭтәылa иахьаҵанакуа (импыҵaхaлоу aҵaкырaдгьылқәa рыдa aтәылaҽaцәқәa зегьы рҟны, aҭҵaaрa рхы aлaдырхәит 2,068-ҩык. NDI aҭҵaaрaқәa Бритaниa ду aиҳaбырa UKaid aфинaнстә цхырaaрa aлa имҩaҧысуеит. Аҭҵaaрa мҩaҧнaгит СRRС Қырҭтәылa.