Нато амаӡаныҟәгаҩ хада есышықәсатәи иҳасабырбаҿ Қырҭтәылеи Аҩадаатлантикатәи алианси реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылеит
Нато амаӡаныҟәгаҩ хада есышықәсатәи иҳасабырбаҿ Қырҭтәылеи Аҩадаатлантикатәи алианси реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылеит

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада  Иенс Столтенберг есышықәсатәи аҳасабырба цәыригеит, аҳасабырбаҿ Столтенберг Қырҭтәылеи Аҩада атлантикатәи алианси реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылеит.

Аҳасабырба 2020 шықәсазтәи Нато аусзуреи аихьӡарақәеи ирызкуп. Адокумент аҿы ишану ала, 2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аҿы ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, аидгылаҩцәа Қырҭтәылеи Украинеи алианс алалара иадгылоит.

Аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәылаҟны апрактикатә аусеицура Натои Қырҭтәылеи ирыбжьаз апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡон.

«Нато азы Қырҭтәыла аоперациақәеи амиссиақәеи, Афганистан «Адгылара ӷәӷәа амиссиеи», «Амшын ахьчаҩ» аоперациеи рҿы адгылаҩ ӷәӷәа ауп. Қырҭтәыла Нато ақәҿыҭратә мчқәа  рҿы алагала дууп,» – иануп Нато амаӡаныҟәгаҩ хада есышықәсатәи иҳасабырба аҿы.