Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылара инамаданы, нанҳәа 31 Харьков ақалақь аҟны алахьеиқәҵаратә мшуп, – ааицҳаит ақалақь ахада Игор Терехов.
Ахада иажәақәа рыла, ажәылараан фҩык ҭахеит. Аԥсыҭбарақәа дреиуп 14 шықәса зхыҵуаз ахәыҷы. Ахәрақәа роуит 80-ҩык аҭынч тәылауаа, урҭ рыбжьара 22-ҩык ахәыҷқәа.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла ампыҵахаларатә мчқәа Белгородтәи аобласт аҟынтә Харьков хәынтә абомбақәа рыларыжьит, бомбак 12 еихагыла змоу акорпус аахеит.