Нанҳәа 13 рзы Дариалитәи аҩхааҿы амашьынақәа рныҟәаразы аԥкрақәа шьақәгылоит
Нанҳәа 13 рзы Дариалитәи аҩхааҿы амашьынақәа рныҟәаразы аԥкрақәа шьақәгылоит

Нанҳәа 13 рзы Дариалитәи аҩхааҿы амашьынақәа рныҟәаразы аԥкрақәа шьақәгылоит, – аанацҳаит  Қырҭтәыла аинфраструктура Аминистрра иаҵанакуа Автомобилтә амҩатәақәа рдепартамент.

Аусҳәарҭа аинформациала, Дариалтәи аҩхаа аҿы анаара арыцқьаратә усурақәа азыԥхьагәаҭоуп.

“Жәларбжьаратәи аҵакы змоу амҩаду Мцхета-Степанцминда-Ларси (Дариалитәи аҩхаа) км126-км130 аҟны,  Џьавахавтогз ахрақәа рыцқьаратә усурақәа мҩаԥнагоит. Ари иахҟьаны, 2025 шықәса нанҳәа 13 рзы, шьыжьымҭан 11:00 инаркны 18:00 рҟынӡа, амҩа ари ахәҭаҿы атраилерқәеи ацраҳәагақәа змоу амашьынақәеи рныҟәара ԥкхоит. Амашьына ласқәа аиҭаҵра рылшахоит 30 минуҭтәи аинтервалқәа рыла”, – иануп аусҳәарҭа аинформациа аҿы.