Намохвани ақыҭан аӡфымцатә станциа аргылара иаҿагыланы имҩаҧысуаз апротесттә акциа алахәылак аӡиас дагеит
Намохвани ақыҭан аӡфымцатә станциа аргылара иаҿагыланы имҩаҧысуаз апротесттә акциа алахәылак аӡиас дагеит. Актәи аканал ари аинформациа азышьақәирҕәҕәеит акциа аиҿкааҩцәа иреиу Варлам Голеҭиани.
«Сааҭк аҧхьа ахаҵа, акциа активистк иҭел иҭаны, аӡы дҭалеит. Ааигәара игылаз ауаа деиқәдырхарц рҽазыркит, аха, иара аӡиас агәҭанынӡа даннеи, аӡы дагеит. Иҧсыбаҩ макьана ирзымҧшаацт. Иара иҟаиҵаз Намахвантәи ГЕС аргылара иадҳәалоу, даҽа мзызк имазу макьана исызшәаҳәом», — иҳәеит Варлам Голеҭиани.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, аҭыҧаҿы аиқәырхаҩцәа аус руеит.