Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра уажәгьы Гумаҭи ақыҭа аҭаларҭаҿ игылоуп
Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра уажәгьы Гумаҭи ақыҭа аҭаларҭаҿ игылоуп.
Аҵысра «Риони аҧсҭҳәа аиқәырхразы» алидер Варлам Голеҭиани ишиҳәаз ала, апротесттә акциа нагӡахоит. Акциа алахәылацәа Гумаҭи ақыҭа аҭаларҭаҿ азинхьчаҩцәа идыргылаз аихатә ҧынгылақәа ирхысыр рҭахуп.
Голеҭиани ишиҳәаз ала, акциа алахәылацәа аилахәыра «Энка» Риони аҧсҭҳәаҿы аусурақәа рынагӡараҿыаҧырхагахар рҭахуп, аха, азакәан аҳәаақәа ирҭыҵуам.