Визитла Қырҭтәыла иаҭааит Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа, иахьа уи ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава илҧылеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк.
«Афонд аҧҟанҵа 4-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа аамҭа-аамҭала Қырҭтәыла иаҭаауеит Қырҭтәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьеи, иара убас, атәыла афискалтәи амонетатәи политикеи ахәшьара рыҭаразы.
Аиҧылараҿы Амилаҭтә банк анапхгара Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа инарҭбаау аинформациа рырҭеит атәылаҿ амакроекономикатә тенденциа иазкны, иара убас, амонетатә политикеи афинанстә ҭышәынтәалареи иалацәажәеит», — иануп Амилаҭтә банк аинформациаҿы.