Наҭиа  Турнава Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы ҿыц  Алехандро Хаиденберг диҧылеит
Наҭиа  Турнава Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы ҿыц  Алехандро Хаиденберг диҧылеит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа  Турнава Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы ҿыц  Алехандро Хаиденберг диҧылеит.

Амилаҭтә банк аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы Қырҭтәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьеи,  ахәқәеи афинансқәеи рҭышәынтәалара аиқәыршәаразы Амилаҭтә банк имҩаҧнаго аполитикеи иалацәажәеит. Иара убас, аекономикатә азҳара дуи уи еиқәзыршәо афакторқәеи ирзааҭгылеит.

Абанк адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа  жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҟны аусеицура аҵакы ду иазгәарҭеит. Наҭиа Турнава ишылҳәаз ала, аиҧылараҿы Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд апрограмма активизациа адетальқәагьы ирылацәажәеит.