Наҭиа Турнава – Иеиду Араҧтәи Емиратқәа Аҳәынҭқарратә фонд «Масдар»-и ҳареи Қырҭтәыла амратә енергетика аҿиара ҳалагоит
Иахьа зҵакы дуу аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит, Қырҭтәыла Аенергетика аҿиара афонди Иеиду Араҧтәи Емиратқәа Аҳәынҭқарратә фонд «Масдар»-и Қырҭтәыла амратә енергиа аҿиара еицалагоит, — ари атәы аалыцҳаит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнава Дубаи имҩаҧысуа адунеизегьтәи ацәыргақәҵа «Экспо-2020» аҳәаақәа ирҭагӡаны ақырҭуа делегациа рнпаы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра иадҳәаланы.
Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аинформациа инақәыршәаны, адунеизегьетәи ацәыргақәҵа Dubai Expo 2020 аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуа делегациа рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла аенергетика аҿиара афонди ABU DHABI FUTURE ENERGY COMPANY PJSC — MASDARи рыбжьара аиқәшаҳаҭра, ацеремониа лхы алалырхәит аминистр наҭиа Турнава. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аганқәа Қырҭтәыла амратә фымцатә станциа апроект аус адулара иалагоит.
Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, апроект аҧара азоушьҭра иазку аҵыхәтәантәи аӡбара рыдыркылоит аҭҵааратә фаза анеҩс (аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра инаркны фымз рыҩнуҵҟала). Аилахәыра «Масдар» 100 МВт. амҽхак зауа амратә фымцатә станциа Қырҭтәыла аргылара иазҿлымҳахеит.