«Егры ГЭС — зҵакы дуу аӡфымцатә станциоуп, уи ҳенергохьыҧшымра арҕәҕәоит. «Егры ГЭС» ада ҳполиткиатә хьыҧшымра ҧырхага аиуан», — илҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава.
Натия Турнава, Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили дицны, ЕгрыГес аҿы дыҟан. Дара астанциаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәарҭеит.
«Лаҵара алагамҭазы аусурақәа хыркәшахоит, уи аҵакы ду амоуп, избанзар ЕгрыГес ҳтәыла аенергосистемазы иаҵанакәа рацәоуп. Абри астанциа ашәышықәсабжа еиҳаны ахыҵуеит. Уи ҳазхылҵыз ауаа иаҳзаанрыжьыз ҳмилаҭатә амал ауп. насгьы, абри аобиект атәыла зегьы еиднакылоит, Қырҭтәыла зегьы амаҵ ауеит, Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра нрылаҵаны», — илҳәеит аминистр.