Наҭиа Турнава – Азербаиџьанти авиаеилахәыра еиҧҟьарадатәи ареисқәа Бақәа – Қарҭ – Бақәа рхыҧхьаӡара ацнаҵеит
Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава ишылҳәаз ала, азербаиџьанти авиаеилахәыра еиҧҟьарадатәи ареисқәа Бақәа – Қарҭ – Бақәа рхыҧхьаӡара ацнаҵеит.
Иара убас, Турнава ишазгәалҭаз ала, агәылара иҟоу атәылақа рҟынтә атуристцәа уадаҩрада Қырҭтәылаҟа иааратәы алшара рымазароуп, убри аҟынтә, ақырҭуа аган ари аӡбара иадгылоит.