Наҭиа Ҭурнава Жәлрбжьаратә авалиутатә фонд альтернативтә анагӡаратә директор диԥылеит
Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава Жәлрбжьаратә авалиутатә фонд альтернативтә анагӡаратә директор Лук Дрессе диԥылеит.
Жәлрбжьаратә авалиутатә фонд альтернативтә анагӡаратә директор Қырҭтәыла визитла дыҟоуп Азиа аҿиара абанк (ADB) 57-тәи есышықәсатәи аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит Қырҭтәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьеи, аекномикатә азҳара афакторқәеи, афинанстә џьармыкьа аҿиареи ахә аҭышәынтәалареи, иара убас ирыхәаԥшит агеополитикатә рискқәеи урҭ ирыдҳәалоу ааԥҳьарақәеи.