Наҭиа Ҭурнава Реикиавик имҩаԥысуа Аекономикатә конференциа далахәуп
Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Ҭурнава Реикиавик Исландиа Ацентртә банки Аҩада-Мраҭашәаратәи ауниверситет Жәларбжьаратә амакроекономикатә центри реиҿкаарала имҩаԥысуа Аекономикатә конференциа далахәуп.
Афорум рхы аладырхәоит адунеи ацентртә банкқәа рхадацәа, урҭ иреиуп Англиа ацентртә банк ахада Ендриу Беили, Ниу-Иорк Афедералтә арезервтә система ахада Џьон Уильиамс, Исландиеи, Черногориеи, Китаи, Даниеи Евроеидгыла атәылақәеи рбанкқәа рхадацәа.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа амакроекономикатә политика иактуалу азҵаарақәа рыхцәажәоит.