Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава Euromoney Агәҭанытәи Мрагыларатәи Европа есышықәсатәи афорум далахәуп.
Амилаҭтә банк аинформациала, афорум рхы аладырхәоит 45 тәылақәа рхаҭарнакцәа.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡагы Наҭиа Ҭурнавеи Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Мирза Гелашвилии жәларбжьаратә инвесторцәа ирԥыланы, Қырҭтәыла афинанстәи амакроекономикатәи ҭагылазаашьа иазкны апрезентациа рыдаргалеит.
Аиԥылара азҵара-аҭак арежим аҿы мҩаԥганю Аиԥылара рхы аладырхәит Artisan Partners-и, Fim Partners- и, Union Investment-и, AllianzGI, Danske Bank-п рхаҭарнакцәа.