Наҭиа Ҭурнава - Ахәқәа рҭышәынтәалара Амилаҭтә банк ақәҿыҭра лас иабзоуроуп
«Қырҭтәыла ахәқәа рҭышәынтәалара ҳамоуп. 2023 шықәса инаркны аинфлиациа амаҷхара иалаган, сынтәа хәажәкыра ашьҭахь уи 3% аҵкьыс имаҷуп», — илҳәеит Қырҭтәыла амилаттә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава аапрламент афинанстә комитет аилатәараҿ данықәгылоз.
Ҭурнава лажәақәа рыла, Амилаҭтә банк 2023 шықәса инаркны иџьбароу амонетартә политика мап ацәнакит. 2023-тәи ашықәс алагамҭазы амонетартә политика азыԥҵәа 11% иаҟаран, ашықәс анҵәамҭазы уи 9,5%-нӡа илаҟәит. Ҭурнава ишазгәалҭаз ала, ахәқәа рҭышәынтәалара Амилаҭтә банк ақәҿыҭра лас иабзоуроуп.