Мухиани иҟалаз ауаҩшьра иадҳәаланы аполициа аусзуҩцәа аӡә дааныркылеит
Аоператив-аҧшааратә уснагӡатәқәа мҩаҧганы, аполициа аусзуҩцәа, хықәкыла ауаҩшьра ахарадҵарала дааныркылеит 1984 шықәсазы ииз Е.А.. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 16 инаркны 20 шықәсанӡа, ма аҧсранӡа аҭакра.
Аусеилыргара адыррақәа рыла, сынтәа, хәажәкыра 22 рзы, Қарҭ, аимак аан, зыӡбахәы ҳәоу ауаҩҧсы, иара иидыруаз ахаҵа, 1959 шықәсазы ииз Р. М. гәымбылџьбарала ҳәызбала дишьит.
Аусеилыргара мҩаҧысуеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 109 ахәҭаҷ ала, гәымбылџьбарала ауаҩшьразы.