Мшаҧы аныҳәа ашьҭахь Ҵереҭели имҩадуи Шаликашвили ицҳеи реиҭашьақәыргылара иалагоит
Мшаҧы аныҳәа ашьҭахь Ҵереҭели имҩадуи Шаликашвили ицҳеи реиҭашьақәыргылара иалагоит

«Қарҭ ахадара Ҵереҭели имҩадуи Шаликашвили ицҳеи реиҭашьақәыргылара иалагоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы. Иара ишазгәеиҭаз ала, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иалагоит Мшаҧы аныҳәа ашьҭахь.

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аусурақәа рымшала, ақалақь аҩныҵҟа аиҭаҵра аганахьала проблемақәак цәырҵыр ауеит, аха, абри аҩыза зымҽхак дуу апроектқәа рынагӡараан уадаҩрақәак цәырымҵыр ауам.

Аҳҭнықалақь ахада иҳәамҭала, Ҵереҭели имҩадуаҿ арлашаратә система ҿыц шьақәдыргылоит, афымцамҩангагақәа зегьы адгьыл аҵаҟа иалырдуеит. Ашьаҟауаа рзы атротуари  ашәарҭадаратә ҭыҧқәеи еиҿыркаауеит, ауаажәларратә транспорт азы хазы цәаҳәак алхзаауеит.

Иара убас, ариаҵәаратә усурақәагьы мҩаҧгахоит. Амҩадуаҿ еиҿыркаауа аинфраструктура зылшарақәа маҷу ауааҧсырагьы ирзыманшәалахоит.